Ари еицырдыруа, Аинтернет аҿы ҳаҭыр зқәу асаит шьақәгылоуп еиуеиҧшым аиҵафорумқәа рыла. Уахьынтә ҳара, жәаҳәарада, иалҳкаауеит ҳбызшәеи ҳмилаҭреи ирзааигәоу атемақәа, иаҳҳәап, кавказтәи абызшәақәа ирызку атемақәа еидызкыло аиҵафорум. Уаҟа ҳара иаабоит атема «Ақарҭвел бызшәақәеи аҧсуа-адыга бызшәақәеи реимадарақәа» («Контакты картвельских и абхазо-адыгских языков). Уи ааиртит милаҭла иақырҭуоу, аха, иџьынџьуаа даарылукаартә ииашаҳәаҩу ахархәаҩ Chkoni. Атема аартын 2005 шықәса рзы. Уинахыс, иахьа уажәраанӡа, атема еиҵыҵт 19 даҟьа рҟынӡа. Уи злашьақәгылоу анҵамҭақәа афорум ахархәаҩцәеи асасцәеи аҧхьеит 72 нызқь инреиҳаны. Атема аартҩы зегь раҧхьаӡа далацәажәеит ашәаныуа бызшәа иалоу, аҧсшәа иамҧсаху ажәақәа აფსაათ (Аҧсааҭ), ჯირა - ჯიჰრა (џьира - џьиҳра), მუს (мус).
Ашәаныуаа рҳәамҭала Аҧсааҭ аҧсаатәқәа драҳан. Уи ашәарацара хылаҧшҩыс даман. Даҽа ҳәамҭақәак рыла, Аҧсааҭ агыгшәыгқәа рыхьча иакәын. Chkoni иҳәоит аҧсшәаҟынтә ашәаныуа бызшәа иалалаз Аҧсааҭ ихьӡ шуҧыхьашәо ауаҧсааи, аҟарачқәеи, абалқарцәеи рмифологиаҿ.
Автор иҩуеит ашәаныуа бызшәаҿы аџьҵлазы ჯირა (џьира), ма ჯიჰრა (џьиҳра) шырҳәо. Иазгәеиҭоит арҭ ажәақәа аҧсшәа ишадҳәалоу. Арҭ иаагоу аҿырҧштәқәа рҿы аҵыхәтәантәи «-ра», уи игәаанагарала, аҵиаақәа рыхьӡқәа еиқәзыршәо шьҭангылоуп. Chkoni иааигоит ҿырҧштәқәак: წიფ-რა (ҵиҧра) – ашәҵла, ცხუმ-რა||ცხვიმ-რა (цхумра – цхвимра) – ахьацаҵла, ზესხ-რა (аҭәаҵла), ჰებ-რა (ацаҵла), გაკ-რა (арасаҵла).
Абраҟа иазгәаҭатәны исыҧхьаӡоит инаҵшьны алкаара ашьҭангыла «-ра» аҧсшәа ишадҳәалоу, насгьы уи аизгаратә ҵакы шаанарҧшуа. Аиқәыҧхьаӡараҿ иарбоу аҿырҧштәқәа мааналоуп араҟа ишеидҳәалоу. Машәыршақә иҧхьаӡатәым арҭ аҿырҧштәқәа рҿы иахьарбоу аҵиаақәа рыхьӡқәа «цхумреи» «гакреи». Иаанагозеи урҭ. Чкони «Цхумра» - Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахьыӡ – ахьацаҵлоуп издиҳәало, ақалақь Гагра ахьыӡ иадиҳәалоит арасаҵла.
Аиашазы, иазгәаҭатәуп ажәақәа «цхумра» - «цхвимра» шьаҭала ишеиқәымшәо. Насгьы ахьыӡ Цхум цәырҵит ахьыӡ Аҟәа аасҭа акыр ихьшәаны. Гагра ахьыӡ акәзар, уи Гагрыҧшь аҟынтә ауп иахьынтәаауа. Рацәак ззымдыруа ҵарауаҩцәақәак ргәаанагарала, Гагрыҧшь еиҭагатәуп «Гагаа рыҧшь» ҳәа. «Гагаа» урҭ рыҧхьаӡеит ажәытә ҧсыуа жәланы. Аха ажәытәан «Гагаа» ҳәа аҧсуаа аӡәгьы дрыламызт, ас еиҧш ажәлагьы ыҟамызт. Аҵарауаҩ Г.З. Шакьырбаи излеиҳәо ала, Гагрыҧшь «Ҳагрыҧшь» ҳәауп ишаҧхьатәу, «Ҳагаа рыҧшь» ҳәауп иаанаго.
Аҧсуа-адыга бызшәақәеи ақырҭшәеи
Страница: 1
Сообщений 1 страница 1 из 1
Поделиться12 ноября, 2013г. 11:02
Страница: 1