Ҵыҧх уажәааны Аҟәа ақалақь аҿы, Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбраҿ имҩаҧысуан аҧсуа бызшәа аиқәырхара иазку аизара. Уи мҩаҧыргеит ахаҧшьгаратә гәыҧ ахаҭарнакцәа, Аҧсны Аиҳабыра аламырхәӡакәа, ауаарацәа ыҟамкәа. Абри аизараҿ исҭахын сықәгылар, жәалагалақәак ҟасҵар, аха, санынаҧшы-ааҧш, ақәгылара мап ацәыскит. Уи сара иахьа абраҟа ианысҵоит.
Ажәлар шәхаҵкы! Абзиара шәықәзааит! Ақә ауп ажәлар рлахьынҵа хыҵхырҭас иамоу, Ақә ауп жәҩанынтә иуқәу ҳәаақәызҵо. Адунеиаҿ иҟоуп ажәларқәа зықә зҧырхагоу. Уи ахҟьа азгәаҭара ҳашьҭалом. Исҳәар сҭахуп аҧсуаа ҳақә аҟынтә ҧырхага шҳамам. Акызаҵәык, ҳара ҳхаҭа ҳхы ҳаӷоуп, акәымзар, ақә иахараҳтәуа егьыҟам.
Уажә ҳазлацәажәо ахатәы бызшәа аиқәырхара азҵаара иахьазы иҵару, идуу, хра злоу зҵаароуп. Ишәзымдыруа шәыҟам, аха, уеизгьы-уеизгьы, иахәҭаны исыҧхьаӡоит ҳазлацәажәо азҵаара иадҳәалоу ҭаагылазаашьақәак раарҧшра:
1. Аҧсуа жәлари милаҭрацәала еилоу Аҧсныжәлари рыҩныҵҟа иахьа уажәраанӡа иҟам адырра аҧсуа бызшәа ҳзеиқәмырхар, ҳҳәынҭқаррагьы шаҳцәыӡуа.
2. Аҧсны ахада идҵала иӡыбтәуп Егри Ҧсоуи рыбжьара аус зуа ателеканалқәа зегьы рпрограмма ашьақәыргылараан аҧсуа бызшәа ишаҭатәу еиҳа иҭбаау аефиртә аамҭа.
3. Аҧсуа телехәаҧшреи ателеканал «Абазеи» рҟны еиҿкаалатәуп адунеиаҿ еицырдыруа ателехәаҧшратә каналқәа иҭрыжьуа аалыҵ ахьтә иӡыргоу, зхаҭабзиара ҳараку, еиуеиҧшым аҭҵаарадырратә зҵаарақәа, аҭоурых, ажәларҭҵаара, абызшәаҭҵаара, аполитикаҭҵаара, аҧсабара, аҧстәқәеи аҧсаатәқәеи ирызку адырраҭарақәа аҧсшәахь реиҭагара. Абри аус анагӡара сазхиоуп, мап ацәыскуам, сагьацәхьаҵуам.
4. Крааҵуеит ҳазқǝу адунеи каҭаны иахарҧоуижьҭеи «Аинтернет» ҳǝа жǝларбжьаратǝи ажǝала еицаадыруа аимадага ду. Аҧсынгьы ихьыҧшым ҳǝынҭқаррак аҳасабала ианазхарҵазгьы иахьакǝым. Аха ус егьа иҟазаргьы, ҳара, аҧсуаа, иҳалымшеит иахьа уажǝраанӡа ҳбызшǝа ҳнахӡыӡааны, ҳкультура аиқǝырхара аус ҧшьа ҳназхьаҧшны, даҽакала иуҳǝозар, аҳǝынҭқарратǝ хшыҩ аарҧшны аҧсышǝала ицǝажǝо аинтернет-саитқǝа раҧҵара. Арҭ асаитқәа рхыҧхьаӡара, хымҧада, акы-ҩба еиҳахароуп, аха зегь ҳаидызкыло, зыҿиара аҳәынҭқарра ацхраауа аҧсуа порталкгьы ҳамазароуп. Уаҟа иаауҭаху ауаажәларратә, аҭҵаарадырратә информациа ҭазароуп. Апортал иамазароуп Аинтернет ахархәаҩцәа ахьеицәажәаша, ргәаанагарақәа ахьеибырҳәаша ахатә форум. Иахьа уажәраанӡа аҧсышәала аинтернет-хархәаҩ игәаанагара ахьаниҵаша форум заҵәык ыҟоуп. Уи «Аҧсуафорум» ахьӡуп, ҩба-хҧа шықәса ҵуеит сара схаҭа иаҧысҵеижьҭеи. Аҧсуафорум шьақәыргылоуп аҧсышәалеи урысшәалеи. Уахь уахыки-ҽнаки иҭало ауаа рхыҧхьаӡара наӡоит 313 рҟынӡа. Ицәгьамызт ари афорум аӡыргара Аҧсуа телехәаҧшреи «Абазеи» рыла.
5. Иара убасҵәҟьа иҳалымшеит адунеизегьтәи Аҧсуа арадио аҧҵара. Ари азҵаара абар уажәшьҭа акыршықәса дазыгәжәажәо дашьҭоуп аҵарауаҩ Иура Аргәын. Уи аус аартра иаҭахугьы рацәак ыҟам: уадахәҷык иакуа атехника ауп. Нас икьаҿу ацәқәырҧала адунеи зегьы, узцәажәозар, убжьы ахьыгӡа.
6. Аҧсыӡ ӡыда ишхәарҭам еиҧш Аҧсни аҧсуа жәлари ҳхәарҭам амҩанызатә (аспутниктә) телехәаҧшрада. Убраҟа дук хара имгакәа каналк ҳмоур, ҳусқәа бжьысуеит. Ааигәа сара Кавказынхыҵ амрагыларатәи ахәҭа (Даӷьсҭан) инаркны мраҭашәатәи ахәҭа аҟынӡа (Ҟарачы-Черқьесианӡа) снахыст, срықәшәеит, срыҿцәажәеит аҳәынҭқарратә телерадиокомпаниақәа рхантәаҩцәа, аҵарауаа, ачынуаа. Еилыскааит амҩанызатә телехәаҧшраҿы каналк зыҧсоу. Аиашазы, уи ахә мариам, аха Аҧсны иазышьҭымхуа иҟам. Бжьаратәла аканал ахә иартәоит аурыс иҧара 10 инаркны 13 миллионынӡа. Иара убас еилкаауп, аканал аанартуазар ауаажәларратә гәыҧк (иаҳҳәап, Иорданиатәи адыга студентцәа ирымоуп рхатәы канал), аканал ахәҧса каҳауеит 50 наӡына рҟынӡа.
Аҵыхәтәан, сара даара акыр сазхǝыцхьеит: избан, мшǝан, аҧсуа иаҧсуара дзазымхǝыцуа, избан уи атǝым бызшǝақǝа дзырхьынҳало, атǝым ҵасқǝа дызрықǝныҟǝо? Иарбану ас еиҧш иҟоу ауаҩы иҕроу? Иабаца ҳахшыҩ, ҳмилаҭтǝ хдырра? Иҳамбаӡои, иаҳзеилымкааӡои аҽнышьыбжьон ҳшыӡуа? Ианбыкǝыз аҧсуа и-Ҧсадгьыли и-Ныхақǝеи дырзымхǝыцкǝа, ианамуӡахгьы, дырцǝымшǝакǝа, ҵырбелҵас итǝыла даналачоз?
Аҧсуа ҿар иахьа ирызгǝамҭо иҟам ҳара, аиҳабыратǝ абиҧара ахаҭарнакцǝа, ҳаибарххара, ҳаиҵашьыцра, ҳаиҿагылара, ҳҳǝоуеиқǝымшǝара. Урҭ лабҿаба ирбон, ирбоит Аҧсны иаҵаҕьычуа, ҧырхагамзар хырҳага ҟазымҵо, иқǝыло, рҩашьыгала ауаа нзырҵǝо рҵыхǝтǝа шҧымҵǝац, уажǝыгьы ишыҭхаџьуа ажǝлар рмаҵура зхы иадызҵаз чынуаақǝак… «Аду дужьаргьы, ахǝҷы дузыжьом», - рҳǝон аҧсуаа. Убри ауп ҳара зегьы иҳахьызгьы: ҳаибажьо ҳшааиуаз, ҳхатǝымц агǝра аагеит. Аха иҳахьызҵǝҟьаз, сара сгǝаанагарала, абри ауп: акыршықǝса иаабо, иҳаҳауа, ҳзыҧхьо, ҳзызхǝыцуа, ҳзышьҭоу, иаҳҧыхьашǝо зегь рахьтǝ иҟам ҳаҧсы зырҿыхо, ҳгǝы шьҭызхуа, ҳшьамхы зырҕǝҕǝо, ҳажǝҩахыр еибызҭо, напеикǝыршала ҳаибазырбо Ажǝа. Ажәасгьы иҟоу шьардаамҭа игалаша ҳхатәы бызшәоуп. Иҭабуп азыӡырыҩразы.