ИГОР МАРЫХӘБА
АҦСУА ШЬА ҔЬАШКИТ!
(1992 шықәса, август 14 аҽны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҧсны еибашьрала рқәылара иахьӡынҩылоуп).
Сталини Бериеи ирцәынхан Аҧсны, рыцҳа!
Ашьҭахьтәиқәагь ирцәынхеит Аҧсынра!
Афашист Шеварднаӡе итанкқәа,
Аҟәа изалымсызт, иҵыхутәантәхеит!
Урҭ агыгшәыгқәа Аҧсны иазаарцахьоу!
Аҧсуаа ирылырххьоу ашьа –
Иааицылан, Аҧсуа шьа рзыҕьашкын,
Қырҭуа жәларык еилагеит!
Иаҵалеит урҭ ҳ-Агәнаҳа изҵымҵша,
Ҳныхакәа рымч еизыркәкәа —
Рҿаҧхьа хҿыхра иақәиҭымкәан,
Идамыҕаха адунеи иазынхеит!
Аҧсны уааны ухысыр ҟалома?!
Шаҟа Аҧсны агәы ҧшқоу шәымбаӡои?!
Аҧсуа и-Ҳақ уаҕрагылар ҟалома?!
...Қырҭтәыла – џьаҳаным ҭыҧхт, шәымбаӡои?!
Жәларык р-Доуҳа Мчы – АҦСУАРА,
Зқьышықусала ишьанҵахаз Иара,
Ашьамхарсра, аҭҟәара, атәитәыхра —
Дунеихаан изалмыршацт аӡәгьы!
Уи ус шакәу шаҳаҭра руеит: ҳ-Ныхақәа,
Нарҭаа р-Доуҳа, Сасрыҟәа, Абрыскьыл,
Саҭанеи-Гәашьа шәҩы лхьырҧарцәа,
Ҳмырҭаҭратә нцәахәқуа, адамрақәа,
Цқьа иҭҵаам аҧсуа бызшәа – ижәытәӡатәу,
Еицакра зқәым аҧсуа иҭоурых,
Аҧсуа илаҕырӡ иарҵааз Амшын Еиқәа,
Аҧсынра ажәытәра – абаашлых!
Аҧсуа шьхақәа уреиканыр ҟалома?!
Кавказ шьхақәа рыжәҩахыр еибаркуп!..
Аҧсуа идац-иҧашә уакьысыр ҟалома?!
Кавказ жәлар рыжьра-цәара акуп!
Анцәа ухы азыҳәан иалухыз аҭыҧ ҧшӡа,
Аҧсуаа иҳауҭаз – АҦСНЫ!
Уахылаҧш!! Ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп!
АҦСУАА ИАҲХУМБААН АҦСНЫ!
Аҧсны уааны ухысыр ҟалома?!
Шаҟа Аҧсны агуәы ҧшқоу шәымбаӡои?!
Аҧсуа и-Ҳак, уаҕрагылар ҟалома?!
Аҧсуа шьа ҕьашкит, шәымбаӡои?!
1992 шықәса, август 28,
ақ Аҟәа, Аҧсны Ареспублика